Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АҬААЦӘАРАҚӘА РЗЫ АЦХЫРААРА

Ишԥашәылшо шәхәыҷы ихәшьарақәа реиӷьтәра шәицхраар?

Ишԥашәылшо шәхәыҷы ихәшьарақәа реиӷьтәра шәицхраар?

 Иҟалап ахәыҷы ашкол хьаас имамзар, аҵарахьы аинтерес ицәыӡзар, насгьы аурокқәа ишабалак иҟаиҵозар. Убри иахҟьаны ихәшьарақәеи ихымҩаԥгашьеи ҽеимзар ауеит. Ишԥашәылшо шәхәыҷы ихәшьарақәа реиӷьтәра шәицхраар?

 Ижәдыруазар шәыхәҭоу

 Ахәыҷы иқәыӷәӷәара ауадаҩра заӡбом. Ахәыҷы аҵара мчыла идуцалалар, уи ашкол аҿы адагьы, аҩнгьы ауадаҩрақәа изцәырнагоит! Ихы ириашарц азы амц аҳәара далагар илшоит, иҽеим ахәшьарақәа иҵәахлар ауеит, амшынҵаҟны шәнапынҵа ихала ианиҵар илшоит, мамзаргьы аурокқәа бжьаижьуа далагар ҟалоит. Уи иахҟьаны аҭагылазаашьа еиҳа еицәахоит.

 Ҳамҭала аҵара игәазҭаҵара хәарҭа аанагом. «Ҳаԥҳа аҵарахьы агәаҳәара лоурц азы иҳаӡбеит ахәшьара бзиақәа рзы аҳамҭақәа лыҭара — иҳәоит Андре. Аха лара аҳамҭа мацара дазхәыцуа далагеит. Иҽеим ахәшьара анлоуаз, лгәы зкаҳауаз ҳамҭада дахьаанхоз азы акәын».

 Арҵаҩцәа ахара рыдҵара иашам. Усҟан ахәыҷы дхәыцыр илшоит иԥсҭазаараҿы зегьы марианы иоулар ауп ҳәа. Иара игхақәа егьырҭ рхараҵара дашьцылар алшоит, насгьы иуадаҩрақәа егьырҭ ирыӡбалар рыхәҭоуп ҳәа иԥхьаӡалоит. Даҽакала иуҳәозар, ахәыҷы изҵаӡом дандухалак иԥсҭазаараҿы зда ԥсыхәа имоуа,— иҟаиҵо ҭакԥхықәрала азнеира.

 Иҟашәҵар шәыхәҭоу

 Аҽынкылара аашәырԥшла. Шәгәы ԥжәаны шәаныҟоу ахәшьарақәа ирыдҳәалоу атема шәаламцәажәар еиӷьуп. «Схатә ҩызеи сареи игәаҳҭеит қьиаралеи хаалеи ахәыҷқәа уанрацәажәо, уи алҵшәа бзиақәа шаанаго»,— иҳәоит Бретт, хҩык ахәыҷқәа раб.

 Абиблиатә принцип: «Шәарҭ ацәажәара, ажәаҳәара раасҭа аӡырҩра шәазыхиазааит, агәаара, агәынхара шәырхымыццакын» (Иаков 1:19).

 Еилышәкаа ауадаҩра мзызс иамоу. Лассы-лассы ахәыҷқәа иҽеим ахәшьарақәа роуеит, избанзар рықәлацәа рықәыӷәӷәоит, ашколқәа рыԥсахуеит, аԥышәарақәа ирыцәшәоит, рҭаацәараҿы ауадаҩрақәа рымоуп, рызхара ицәаӡом, русқәа ииашаны еиҿыркааӡом, насгьы азҿлымҳара аадырԥшӡом. Шәхәыҷы аҵара бзианы иахьимҵо дахьаашьо азы ауп ҳәа ахәыцра аҭахӡам.

 Абиблиатә принцип: «Аилкаара аазырԥшуа ақәҿиара иоуеит» (Ажәамаанақәа 16:20).

 Аҵара изымариахарц азы аҭагылазаашьа изшәырхиа. Шәхәыҷы аҩныҟатәи адҵақәа аныҟаиҵаша аамҭа азалшәх, урҭ данрыдтәалаша идыруазарц азы. Ателевизор ма амобилтә ҭел иԥырхагамхакәа иҽахьазыҟаиҵалаша иманшәалоу аҭыԥ алышәх. Ахәыҷы аҩныҟатәи адҵақәа ихшыҩ азышьҭра еиҳа изымариахоит, идҵақәа хәҭа-хәҭала аиҟәшара шәицхраар, иара убас урҭ рыбжьара иԥсы ишьалартә еиԥш аамҭа ишәҭалар. Гектор зыхьӡу Германиа инхо абык иҳәоит: «Аконтрольтә усура анааигәахо, ҳара аматериал хәҭа-хәҭала есыҽны иаҳгәалаҳаршәоит, мышкы анаанхалак акәӡам ҳаналаго».

 Абиблиатә принцип: «Зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп» (Екклезиаст 3:1).

 Аҵара ргәазҭашәҵала. Шәхәыҷы аҵара изаанаго ахәарҭа бзианы ианеиликаауа, аҵарахьы имоу агәаҳәара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Иаҳҳәап, аматематика бзианы ианидыруа, уи аԥара ииашаны ахархәашьа ицхраауеит.

 «Аҟәыӷареи аилкаареи еизырҳала. [...] Уи ахә ҳаракны ишьала» (Ажәамаанақәа 4:5, 8).

 Алабжьара. Адҵақәа рыҟаҵара шәицхраала, аха иара иҭыԥан иҟашәымҵалан. Андре иҳәоит: «Ҳаԥҳа лхаҭыԥан лыдҵақәа ҳара иҟаҳҵаларц лҭахын, убри аҟынтә зынӡа лхы аус алыруамызт». Шәхәыҷы аҩныҟатәи адҵақәа ихала рыҟаҵашьа ишәырҵала.