Галатаа рахь 5:1—26

  • Ақьырсианцәа ирымоу ахақәиҭра (1—15)

  • «Адоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала» (16—26)

    • Агәаҳәара ҟьашьқәа зыҽрызҭо ауаҩы иусқәа (19—21)

    • Иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа (22, 23)

5  Убри аҩыза ахақәиҭра ҳаурц азоуп Христос ҳхы ҳзақәиҭитәыз. Убри аҟынтә шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, амаҵуцәа руӷә уаҳа шәҽаҵашәымкын.  Сара, Павел, ишәасҳәоит: шәаԥхьатә хышәсар, Христос ишәзыҟаиҵаз хәарҭа шәнаҭом.  Еиҭах ишәгәаласыршәоит: заԥхьатә хызсо зегьы азакәан иаҳәо ак агмыжькәа инарыгӡалароуп.  Шәара — азакәан анагӡара абзоурала иуаа иашақәаны иԥхьаӡахарц иашьҭоу — Христос шәицәыхарахеит, иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиарагьы шәцәыӡит.  Ҳара ҳакәзар, иԥшьоу адоуҳаи иааҳарԥшуа ахаҵареи рыбзоурала Анцәа иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахоит ҳәа ҳаԥшуп.  Христос Иисус ишьҭа ихыланы ицо рзы ихадоу — ауаҩы иаԥхьатә хсоу-ихсаму акәӡам, бзиабарала иҭәу ахаҵара ааирԥшуоу-иааимырԥшуоу ауп.  Шәара ибзианы шәааиуан*. Ишәԥырхагахада, нас, аҵабырг инақәыршәаны анхара?  Ус анхара шәгәазырԥхаз шәаазыԥхьаз иакәӡам.  Маҷк арҵәыга амажәа зегь арҵәуеит. 10  Сара агәра ганы сыҟоуп, шәара, Иҳақәиҭу иҵаҩцәа, даҽакала ахәыцра шәшаламго. Аха ауадаҩрақәа шәызцәырызго, уи дызусҭазаалакгьы, иқәнагоу дақәшәоит. 11  Сара стәы ҳҳәозар, сашьцәа, уаанӡа еиԥш ауаа аԥхьатәхсара аҭахуп ҳәа рыласҳәозҭгьы, ӡәыр дсышьҭашәарыцалозма? Раԥхьатә хырсалароуп ҳәа рыласҳәозҭгьы, исышьҭашәарыцо Христос ишьаҟа ргәы ԥнажәомызт*. 12  Шәызжьарц иашьҭоу ракәзар, ирҭахызар, раԥхьатә зынӡа ихырҵәааит*. 13  Сашьцәа, шәара ахақәиҭра шәоурц азы шәалхын, аха уи ахақәиҭра шәгәаҳәара ҟьашьқәа рынагӡаразы шәхы иашәмырхәалан. Бзиа шәеибабаны шәымаҵ еибаула. 14  Азакәан зегь ԥҟарак алоуп излеибарку. Уи аԥҟара иаҳәоит: «Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала». 15  Аха аӡәи-аӡәи шәеибафозар, шәылақәа ҭибахуазар, шәгәышәҽаныз, зынӡа шәнибарҵәар, шәықәибахыр алшоит. 16  Сара ишәасҳәоит: адоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала, усҟан шәгәаҳәара ҟьашьқәа шәыҽрышәҭалаӡом. 17  Ацәеижь агәаҳәарақәа адоуҳа иаҿагылоит, адоуҳа — агәнаҳа иаҵоу ацәеижь иаҿагылоит. Дара-дара еиҿагылоит, убри азоуп ишәҭаху зышәзыҟамҵо. 18  Адоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш шәынхозар, азакәан аҵаҟа шәыҟаӡам ауп иаанаго. 19  Згәаҳәара ҟьашьқәа зыҽрызҭо ауаҩы иусқәа еилыкка иубарҭоуп. Урҭ аусқәа рахь иаҵанакуеит асексуалтә ламысдара*, иҟьашьу ахымҩаԥгашьа, ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа*, 20  аидолқәа рымҵахырхәара, аспиритизм*, аиӷара, аимак-аиҿак, ахыбаара*, аԥырқьҳәа аҵҟьара, ажәеимакра, аҳәоуеиқәымшәара, асектақәа реиҿкаара, 21  ашьыцра, арыжәтә аҽаршьра, уҽеиужьны, иаауҭаху ҟаҵо афара-ажәра, уҳәа убас иҵегьы. Уаанӡа ишшәасҳәахьаз еиԥш, уажәгьы ишәасҳәоит: ас еиԥш иҟоу аусқәа ҟазҵо Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам. 22  Иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа абарҭ аҟазшьақәа роуп: абзиабара, агәырӷьара, аҭынчра, ачҳара*, ақьиара, абзиара*, ахаҵара, 23  аҟәымшәышәра, аҽынкылара. Арҭ аҟазшьақәа ирықәыӡбо закәанк ыҟам. 24  Уи адагьы, Христос Иисус иҵаҩцәа агәнаҳа иаҵоу ацәеижьи уи агәаҳәара ҟьашьқәеи ашьаҟа икыдырҵеит. 25  Иԥшьоу адоуҳа ишҳаҵанаҳәо ҳанхозар, шәааи анаҩсгьы ус ҳанхалап. 26  Ҳхы ҳараҳамклап, ҳмыҽхәалап, ҳмеицлаблап, аӡәи-аӡәи ҳаиҵамшьыцлап.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыҩуан».
Ма «изыхҟьашо хаҳәны ирзыҟаломызт».
Ма «евнухцәахааит». Уи изыдгылоз азакәан анагӡара алшара рымнахуан.
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.
Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Шәахәаԥш Ажәар.
Ма «агәрамгара».
Ма «акрычҳара».
Шәахәаԥш Ажәар.