Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 14

Иара агәшаҭара аарԥшышьа иҵеит

Иара агәшаҭара аарԥшышьа иҵеит

1. Иарбан мҩаз Иона изыԥшыз, насгьы иарбан цәаныррақәоу уи изцәырнагоз?

ИОНА ахәыцра дҭанагаланы дыҟазҭгьы ҟалап. Иара иаԥхьаҟа 800 километра раҟара ахьыбжьаз амҩа изыԥшын, уахь мызкы, ма еиҳаны уқәхон. Аԥааимбар раԥхьа иӡбар акәын дызлацаша амҩа — икьаҿу, мамзаргьы ишәарҭадароу, анаҩс иалихыз амҩа дықәлар акәын, хыԥхьаӡара рацәала ашьхақәеи архақәеи дырхысуа. Иара Сириатәи ацәҳәыра еиужь дахыкәшар ихәҭан, нас аӡиас рацәа дырыр акәын, Евфрат дуӡӡагьы уахь инарылаҵаны. Иона уахынла аангылара иқәшәон атәымтәылауаа рҟны Сириеи, Месопотамиеи, Ассириеи рықалақьқәеи рқыҭақәеи рҿы. Амшқәа цацыԥхьаӡа аԥааимбар уцәа уҭазырӡыӡо Ниневиа дшазааигәахо дазхәыцуан, еиҳа-еиҳа ашәарагьы дамҿханакуан.

2. Ишԥеиликааи Иона Иегова ииҭаз адҵа аҟынтә бналашьа шимам?

2 Иона еилыкка идыруан: иара шьҭахьҟа хынҳәышьа имамызт, насгьы дзыбналомызт. Иара знык уи аҟаҵара иҽазишәахьан. Ҳазхысыз ахаҿы излеилаҳкааз ала, Иегова ачҳара аарԥшны Иона ирҵара даҿын: иара амшын афырҭын ӷәӷәа алаирсит, насгьы аԥсыӡ ду ихы иархәаны џьашьахәыла уи аԥсра дацәынирхеит. Хымш рышьҭахь Иона деибга-дызҩыда аԥсыӡ асаса дҭырбганы аҟәара дықәнажьит. Аԥааимбар изцәырҵыз аҳаҭырқәҵара абзоурала еиҳа азыӡырҩра ааирԥшуа далагеит (Иона, ахқәа 1, 2).

3. Иарбан ҟазшьоу Иегова Иона иахь иааирԥшыз, насгьы иарбан зҵаароу ицәырҵуа?

3 Иегова аҩынтәраан Иона Ниневиаҟа дцарц адҵа анииҭа, аԥааимбар Анцәа иҳәатәы дахымԥакәа мрагылараҟа амҩа хара дықәлеит. (Шәаԥхьа Иона 3:1—3.) Аха иаԥсахма Иона ихәыцшьа Анцәа иҟынтә ариашара? Аԥааимбар иахь агәшаҭара аарԥшны Иегова ицәқәырԥоз амшын аҟынтә уи аԥсра дацәихьчеит, иҳәатәхамҵара дахьимырхәӡеит, аха дырҩегь идиҵаз наигӡарц азы алшара ииҭеит. Инарҵама абри зегьы Иона егьырҭ рахь агәшаҭара аарԥшышьа? Инаӡам ауаа лассы-лассы ирцәыцәгьоуп агәшаҭара аарԥшышьа аҵара. Шәааи еилаҳкаап Иона ихигаз, насгьы иҿырԥшы иаҳнарҵар алшо.

Анцәа иӡбара иазкыз ажәабжь ауаа иааџьоушьартә иақәҿырҭуеит

4, 5. Избан Иегова Ниневиа қалақь дуӡӡаны изиԥхьаӡоз, насгьы еилаҳкаауазеи ҳара уи аҟынтә Иегова изкны?

4 Иона дақәшаҳаҭмызт Ниневиа аганахьала Иегова имаз ахәаԥшышьа. Абиблиаҿы ҳара ҳаԥхьоит: «Ниневиа акәзар, Анцәа изы уи қалақь дуӡӡан» (Иона 3:3). Иона ишәҟәаҿы Иегова иажәақәа аагоуп — иара Ниневиа хынтә «ақалақь дуӡӡа» ҳәа азиҳәеит (Иона 1:2; 3:2; 4:11). Избан ари ақалақь Иегова изы издуӡӡаз, мамзаргьы изхадаз?

5 Ниневиа Адунеизегьтәи аӡхыҵра ашьҭахь Нимрод раԥхьаӡа иргылаз ажәытә қалақьқәа ируакын. Ааигәара иҟаз ақалақь хәыҷқәеи иареи ааидкыланы қалақь дуӡӡаны иҟан, ахы инаркны аҵыхәанӡа хымш рыла уахысуан (Аҟаз. 10:11; Иона 3:3). Уи қалақь дуӡӡаны иҟазҵоз уа иҟаз ауахәама дуӡӡақәеи, аҭӡамц ӷәӷәақәеи, егьырҭ аргыларақәеи ракәын. Аха Анцәа Иегова изы уи акәӡамызт ихадаз. Иара игәаанагарала ауаа ракәын еиҳа азҿлымҳара иаԥсаз. Ниневиа анхацәа усҟантәи аамҭазы акырӡа ирацәан. Уа инхоз ауаа ицәгьоу аусқәа шыҟарҵозгьы, Иегова урҭ хьаас иман. Анцәа ауаа рыԥсҭазаара ахә ҳаракны ишьоит, насгьы идыруеит дарбанзаалак ауаҩы ишилшо ахьхәра, нас ииашаны ахымҩаԥгашьа аҵара.

Иона ихаан Ниневиа идуӡӡаз, ауаа рацәа ахьынхоз, хәымгарала иҭәыз қалақьын

6. а) Избан Иона Ниневиа даналала дызшәаз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.) б) Еилаҳкаауазеи ҳара Иона изкны ажәабжь шиҳәоз атәы ҳанаԥхьо?

6 Иона аҵыхәтәаны Ниневиа даннеи, 120 000-ҩык инареиҳаны ауаа ахьықәынхоз ақалақь даналаԥш, иҟалап иара уи еиҳагьы даршәазар *. Аԥааимбар шьыжьы инаркны хәлаанӡа уаа рацәала иҭәыз амҩақәа дырнын, иҟалап Анцәа иӡбара атәы рылеиҳәарц азы ианаало аҭыԥ иԥшаауазҭгьы. Ишԥарылеиҳәари ауаа ари ажәабжь? Идыруазма иара ассириа бызшәа? Мамзаргьы Иегова џьашьахәыла уи абызшәала ацәажәаразы алшара ииҭоу? Ҳара иҳаздырам. Иҟалап Иона Анцәа иажәабжь рылеиҳәозҭгьы ихатәы бызшәала — ауриа бызшәа, насгьы ниневиаа аиҭагаҩ ила драцәажәозҭгьы. Ишыҟазаалакгьы ажәабжь мариан, аха уцәа уҭанарӡыӡон. Аԥааимбар лассы-лассы ирылеиҳәон: «Еиҭа ҩынҩажәа мшы, нас Ниневиа ықәгахоит» (Иона 3:4). Гәымшәарыла, насгьы хьаҵрада данцәажәоз иара иааирԥшит зеиԥшыҟам агәрахаҵареи агәымшәареи — иахьа ақьырсианцәа еиҳагьы иаадырԥшлар рыхәҭоу аҟазшьақәа.

Иона ирылеиҳәоз ажәабжь мариан, аха уцәа уҭанарӡыӡон

7, 8. а) Ишԥақәҿырҭи Ниневиа анхацәа Иона иажәабжь? б) Иҟаиҵазеи Ниневиа аҳ, Анцәа иӡбара иазкны Иона иажәабжь аниаҳа?

7 Ниневиаа Иона ирылаиҳәоз ажәабжь иазхьаԥшит. Аԥааимбар, ҳәарада, дазыԥшын дара цәгьашақә, насгьы ӷашақә изыҟалоит ҳәа. Аха зынӡа даҽакоуп иҟалаз. Ауаа изыӡырҩит! Ажәабжь убриаҟара ирласны ирылаҵәеит, иаарласны ақалақь зегь Анцәа иӡбара атәы рҳәон. (Шәаԥхьа Иона 3:5.) Ибеиаз, иӷарыз, иӷәӷәаз, зымч кәадаз, иҿаз, насгьы зықәрахь инеихьаз — зегьы ахьхәит, насгьы ачгара иалагеит. Иаарласны уи аӡбахә аҳ иҟынӡа инеит.

Ниневиа аҟны ажәабжь рылаҳәаразы Иона агәымшәареи агәрахаҵареи имазар акәын

8 Ниневиаа рнапхгаҩгьы Иона иажәабжь иақәҿиҭит. Анцәа иахь ашәара данамҿханак, иара итәарҭа ҭыԥ аҟынтә дҩагылан, ишәыз аҳ иқәнагаз иԥшӡаз ишәҵатәы ишәыхны, ижәлар реиԥш иџьаџьаз аџьабарамаҭәа ишәиҵеит, насгьы «аццышә дылатәеит». Ицхырааҩцәеи иареи ачгара иазкыз аусԥҟа аԥырҵеит, уи аҳәынҭқарра зегь аҵанакыртә ишьақәырӷәӷәан, насгьы ақалақь анхацәа зегьы уи иқәныҟәон. Аҳ адҵа ҟаиҵеит ауаа иџьаџьоу аџьабарамаҭәа ршәырҵарц, аԥстәқәагьы уи рхадырԥарц *. Иара хынрааларыла еиликааит ижәлар ацәгьареи ақәымчреи рыҟаҵаразы ахара шрыду, насгьы агәыӷра ааирԥшит Анцәа агәрыцҳашьара шааирԥшуа дара шахьхәыз ибар. Аҳ иҳәеит: «Издыруада Анцәа иаша... еилашуа игәыԥжәара ааникылар, ҳара ҳҭамхарц азы?» (Иона 3:6—9).

9. Иарбан гәрамгароу ирымоу акритикцәа шьоукы ниневиаа рганахьала, аха иаҳзырбозеи дара ргәаанагара шиашам?

9 Акритикцәа шьоукы агәра ргаӡом ниневиаа абас ирласны ишрылшаз рхәыцшьа аԥсахра. Аха абиблиаҭҵааҩцәа иазгәарҭоит ари аҩыза ахымҩаԥгашьа еилукаартә иҟоуп ҳәа, избанзар ажәытә культура ныҟәызгоз ауаа амцхаҵареи зҽызыԥсахуа аҵасқәеи ныҟәыргон. Уи адагьы, Иисус Христос ихаҭагьы ниневиаа рахьхәра атәы иҳәеит. (Шәаԥхьа Матфеи 12:41.) Иисус ииҳәоз идыруан, избанзар урҭ ахҭысқәа анымҩаԥысуаз иара ажәҩан аҿы дыҟан, насгьы иҟаз ибон (Иоанн 8:57, 58). Ус анакәха, ҳара иҳахәҭам ҳхәыцлар ауаа ахьхәра рылшом ҳәа, иагьа агәнаҳарақәа рымоуп ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы. Иегова заҵәык иоуп ауаа рыгәқәа збо.

Анцәа игәшаҭареи згәаанагара зымԥсахуа ауаҩи

10, 11. а) Дышԥазнеи Иегова ниневиаа рахьхәра? б) Избан ҳара агәра ҳгар зҳалшо Иегова ниневиаа рзы идикылаз аӡбара гхамызт ҳәа?

10 Дышԥазнеи Иегова ниневиаа рахьхәра? Иона ишәҟәаҿы иануп: «Анцәа иаша урҭ русқәа ибеит, ибеит урҭ рыцәгьаурақәа ишырҟәаҵыз, убасҟан Анцәа изықәиршәарц ииҭахыз агәаҟра дахьхәит азы, уи иақәимыршәаӡеит» (Иона 3:10).

11 Иаанагома уи Иегова Ниневиа ақәгаразы идикылаз аӡбара гхас иԥхьаӡеит ҳәа? Мап. Абиблиаҿы иануп, Иегова аиашараҿы днаӡоуп ҳәа. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:4.) Аха Иегова игәыԥжәара иаша еиқәтәеит. Иара ибеит ниневиаа рыҽшырыԥсахыз, насгьы уаҳа ахьырхәра шрықәнагам. Иааит аамҭа дара рахь агәшаҭара аарԥшразы.

12, 13. а) Ишԥааирԥшуеи Иегова иҟәыӷара, игәрыцҳашьара, насгьы ианаҭаху иӡбара аԥсахра дшазхиоу? б) Избан Иона иԥааимбаражәа зымцымыз?

12 Аӡәырҩы аԥшьамаҵзуҩцәа ауаа иреилдыркаауеит Анцәа акы иацәхьамҵуа, игәымбылџьбароу, иара убас рыцҳашьара злам иоуп ҳәа, аха Иегова зынӡаскгьы ус дыҟаӡам. Иара иҟәышу, ианаҭаху зыӡбара зыԥсахуа, насгьы агәрыцҳашьара злоу иоуп. Ицқьам ауаа русқәа ирыхьирхәырц Анцәа игәы ианҭеиклак, раԥхьа урҭ рахь ргәырҽанҵаразы ишьҭуеит адгьыл аҿы инхо ихаҭарнакцәа, избанзар иара иҭахуп агәнаҳаҟаҵаҩцәа рхы мҩаԥыргарц Ниневиа анхацәа реиԥш — иахьхәырц, насгьы рҽырыԥсахырц (Иез. 33:11). Абар Иегова аԥааимбар Иеремиа иеиҳәаз: «Сара знымзар-зны жәларк, ма аҳрак сырҿагыланы исҳәозар шьаҭанкыла иқәысхуеит, ихсырбгалоит, мамзаргьы инсырҵәоит ҳәа, аха уи ажәлар зыӡбахә сҳәоз рзакәандара иацәхьаҵыр, усҟан агәаҟра иақәсыршәарц ахьысыӡбаз сахьхәуеит» (Иер. 18:7, 8).

Анцәа иҭахуп агәнаҳаҟаҵаҩцәа Ниневиа анхацәа реиԥш рхы мҩаԥыргарц — иахьхәырц, насгьы рҽырыԥсахырц

13 Аха ицәырҵуеит азҵаара: имцызма Иона иԥааимбаражәа? Мап, избанзар уи хықәкыс иамаз агәҽанҵара акәын. Иегова Ниневиа анхацәа рус цәгьақәа рзоуп дызрықәыӡбаз. Аха ниневиаа уи агәҽанҵара рыдыркылеит, насгьы рыҽдыриашеит. Дара дырҩегь азакәандара аҟаҵара иалагазҭгьы, Анцәа ихьырхәра изацәцомызт. Убри ауп аамҭақәак рышьҭахь иҟалазгьы (Соф. 2:13—15).

14. Дышԥазнеи Иона Иегова ниневиаа рахь агәшаҭара ахьааирԥшыз?

14 Дышԥазнеи Иона ақалақь ианаамҭаз иахьықәгамыз? Ҳара ҳаԥхьоит: «Иона уи даара игәамԥхеит, насгьы игәахы еибакит» (Иона 4:1). Иара инцәаиҳәараҿы Зегьзымчу иахь аҽыԥныҳәаҵәҟьагьы алеиҵеит! Иона иҳәеит идгьыл аҿы иҩны даангылар акәын ҳәа. Иара иҳәеит аханатә ишидыруаз Иегова Ниневиа арыцҳара ишақәимыршәоз, убри азоуп Фарсисҟа дагьзыбналаз. Анаҩс иара ихазы аԥсра даҳәо далагеит, дынхар аасҭа дыԥсыр еиҳа еиӷьуп ҳәа ҳәаны. (Шәаԥхьа Иона 4:2, 3.)

15. а) Изцәырызгар алшози Иона ицәгьоу ахәыцрақәа? б) Дышԥаизныҟәеи Иегова згәы зыхьыз имаҵзуҩы?

15 Игәы изырхьзеи Иона абриаҟара? Ҳара ихәыцрақәа ҳаздырам, аха иаҳдыруеит иара Ниневиа аҭахара аӡбахә ажәлар зегьы рҿаԥхьа ишиҳәаз. Ауаа игәра ргеит. Аха ақәхра ҟамлаӡеит. Издыруада иара ахыччарақәа дрыцәшәозҭгьы, насгьы амц ԥааимбарны дрыԥхьаӡар ҳәа дхәыцуазҭгьы? Ишыҟазаалакгьы, Иона дамеигәырӷьаӡеит ауаа рахьхәра, насгьы Иегова дара рахь агәшаҭара ахьааирԥшыз. Аԥааимбар ихрыцҳашьареи ихбзиабареи инырит, убри аҟынтә иара еиҳа-еиҳа ахәыцра цәгьақәа дырҭанагалон. Аха агәшаҭара злоу Анцәа уаанӡа еиԥш аҟазшьа бзиақәа ибон згәы зыхьыз имаҵзуҩы иҿы. Аҳаҭырқәҵара ахьааимырԥшыз азы дахьмырхәыкәа, Иегова уи қьиарыла дзырхәыцшаз азҵаара ииҭеит: «Уиашоума уара угәахы ахьеибакыз?» (Иона 4:4). Аҭак ҟаиҵама Иона? Абиблиа уи атәы аҳәаӡом.

16. Избан шьоукы Иегова изиқәшаҳаҭым, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара Иона иҿырԥшы?

16 Имариоуп Иона иқәыӡбара, Анцәа диашам ҳәа ахьиԥхьаӡоз азы. Иаҳгәалаҳаршәалар ҳахәҭоуп инаӡам ауаа ргәаанагареи Анцәа игәаанагареи лассы-лассы ишеиқәымшәо. Абасала, шьоукы ргәы иаанагоит Иегова агәаҟрақәа ааникылалароуп, иаразнак ауаа цәгьақәа ахьирхәлароуп, мамзаргьы иахьатәи ицқьам асистема уажәраанӡагьы аҵыхәтәа ԥиҵәахьазар акәын ҳәа. Џьара акы азы Иегова ҳиқәшаҳаҭымзар, Иона иҿырԥшы ҳара ҳзы игәаларшәага бзиоуп. Ҳара ҳауп зхәаԥшышьа зыԥсахша, Иегова иакәымкәа.

Иегова Иона дышириашаз

17, 18. а) Дабацеи Иона Ниневиантә? б) Ишԥаиныри Иона Иегова иџьашьахәқәа, амҟәыба ацәырҵрагьы уахь иналаҵаны?

17 Ниневиа даналҵ, зылахь еиқәыз аԥааимбар аҩныҟа дымцаӡакәа, мрагылараҟа ашьхарахь дцеит, уантәи ақалақь далаԥшларц азы. Иара ақьала ргыланы дныҵатәеит, нас аԥшра далагеит Ниневиа иахьуа ибарц. Иҟалап иара макьана дақәгәыӷуазҭгьы уи ақәхра ибоит ҳәа. Ишԥаиирҵеи Иегова згәаанагара зымԥсахуаз ари аԥааимбар агәшаҭара аарԥшышьа?

18 Уахынла Иегова адҵа ҟаиҵеит амҟәыба иазҳарц. Иона данааԥш, ибеит абыӷь ҟьаҟьақәа змаз аҵиаа дуӡӡа, уи еиҳа ашәшьыра инаҭон, иқьала уашәшәыра аасҭа. Аԥааимбар игәы шьҭыҵит. «Иона даараӡа деигәырӷьеит» уи аҵиаа. Иҟалап иара уи иџьашьахәыз ацәырҵра Анцәа иразреи изылԥхареи адырга ауп ҳәа иԥхьаӡазар. Аха Иегова ииҭахыз Иона ашоура аҟынтә агәахеибакреи агәаҟреи даҟәыҵырц мацара акәӡамызт, аха иирбаз игәаҵанӡа инеирц иҭахын. Убри аҟынтә Анцәа еиҭа џьашьахәқәак ҟаиҵеит. Иара ахәаҷа наишьҭит аҵиаа афарц. Анаҩс иара «аҭакар зцу мрагыларатәи аԥша» аирсит, нас Иона ашоура аҟынтә «иԥсы маҷхо» далагеит. Аԥааимбар дырҩегь игәы каҳан, Анцәа иҿы аԥсра даҳәо далагеит (Иона 4:6—8).

19, 20. Дышԥаирхәыци Иегова Иона аҿырԥшы ихы иархәаны?

19 Иегова Иона даҽазнык диазҵааит: «Уиашоума уара амҟәыба азы угәахы ахьеибакыз?» Ахьхәра аҭыԥан Иона ихы ириашо иҳәеит: «Ааи, сиашоуп. Сара убриаҟара сгәахы еибакны сыҟоуп, аԥсра сҭахуп». Иааит аамҭа дышиашамыз аниеилыркаатәыз (Иона 4:9).

Амҟәыба ихы иархәаны, Анцәа Иона агәшаҭара шаарԥшлатәу аурок ииҭеит

20 Иегова Иона дазырхәыцуа иеиҳәеит: «Уара ирыцҳаушьеит амҟәыба, узхыламԥшуаз, насгьы иааумрыхуаз, уахык ала изызҳаз, нас уахык ала иӡыз. Ирыцҳасшьар акәӡами нас сара ақалақь дуӡӡа Ниневиа, шәи ҩажәа нызқьҩык ауаа зқәынхо, арӷьа напи арма напи ззеиҩымдыраауа, хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҩнатә ԥстәқәа аламҵакәа?» (Иона 4:10, 11) *.

21. а) Иарбан уроку Иегова Иона ииҭаз? б) Ишԥаҳацхраауеи Иона изку ажәабжь ҳхы мжьакәа ахгәаҭара?

21 Еилышәкаауама шәара ари аурок иамоу аҵакы ӷәӷәа? Иона акгьы ҟаимҵаӡеит ари аҵиаа иазҳарц. Иегова иакәзар, ниневиаа аԥсҭазаара риҭеит, насгьы егьырҭ ишамҭақәа реиԥш дреиҷаҳауан. Избан Иона ҵиаак зрыцҳаишьаз, 120 000-ҩык ауааи арахә рацәеи раасҭа? Ус зихьыз ахбзиабара ахьииааиз азы акәзар? Аԥааимбар аҵиаа рыцҳаишьеит, избанзар ихазы хәарҭа шалаз ибон. Ниневиа ахь имаз агәыԥжәара изцәырызгаз ахбзиабара акәзар — ауаа рҿаԥхьа ирепутациа ихьчарц азы аԥагьара зҵаз иҽазышәара, насгьы иара дышиашоу шьақәирӷәӷәарц азы агәаҳәара? Иона изку ажәабжь ҳхы мжьакәа ахгәаҭара иҳацхраауеит. Изламда ҳара ҳҟынтә ахбзиабара? Убри азы шаҟа аџьшьара иаҳҭозеи Иегова ачҳара аарԥшны иахьҳирҵо иара иҿыԥшра ахашьҭамзаареи, арыцҳашьареи, агәшаҭареи рганахьала!

22. а) Ишԥаидикылеи Иона Иегова ииҭаз агәшаҭара иазку аурок? б) Иаҳнарҵар акәзеи уи ҳара?

22 Аха еиликаама Иона ари аурок? Иара ихьӡ зху ашәҟәы ҭакда иаанхаз зҵаарала инҵәоит. Акритикцәа шьоукы ишьақәдырӷәӷәоит Иона ари азҵаара аҭак ҟаимҵаӡеит ҳәа. Ус шакәугьы, уи аҭак ыҟоуп — уи Иона ишәҟәы ахаҭа ауп. Афақтқәа ишьақәдырӷәӷәоит Иона шиакәу ари ашәҟәы зҩыз. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит аԥааимбар иԥсадгьыл ахь дхынҳәны ихигаз зегьы шииҩуа. Шәхаҿы иаажәг ашықәсқәа идырҟәыӷаз, ахынраалара змаз ауаҩы илахь еиқәышьшьы ихы рҵысуа, игхақәеи, изымӡырҩреи, насгьы хьаҵрада агәшаҭара аарԥшра мап шацәикуази рыӡбахә шииҩуа. Ҳәарада, Иона еиликааит Иегова ииҭаз аурок. Иара агәшаҭара аарԥшышьа иҵеит. Ҳара? (Шәаԥхьа Матфеи 5:7.)

^ 6 абз. Иҟоуп агәаанагара, жәахылҵшьҭрак рыла ишьақәгылаз аҳра Израиль аҳҭнықалақь Самариаҿы усҟантәи аамҭазы инхон 20 инаркны 30 нызқь рҟынӡа ауаа ҳәа, урҭ Ниневиа анхацәа абжеиҭабжа аҵкыс еиҵан. Ниневиа анеизҳа-зыӷьоз аамҭазы, иҟалап уи адунеи аҿы иҟоу ақалақьқәа зегь раасҭа еиҳазҭгьы.

^ 8 абз. Уи уамашәа иубартә иҟоуп, аха урҭ рҩызцәа аҵасқәа ажәытә аамҭақәа раан иҟан. Абырзен ҭоурыхҭҵааҩ Геродот излеиҳәоз ала, ажәытәан инхоз аџьамцәа еицырдыруаз ар рԥыза данырҵәыуоз аџьабаратә қьабзқәа мҩаԥыргон, аҩнатә ԥстәқәагьы уа иалахәын.

^ 20 абз. Арӷьеи армеи ахьыҟоу рыздырӡом ҳәа Анцәа ианиҳәоз, уи иаанагон иара инормақәа ирызкны акгьы шырзымдыруаз.