Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иаҳәозеи Абиблиа ачгара иазкны?

Иаҳәозеи Абиблиа ачгара иазкны?

Абиблиа иану

 Абиблиатә аамҭақәа раан ичгоз ауаа рмотивқәа аниашаз, уи Анцәа игәы иахәон. Аха ичгоз рмотивқәа аниашамыз, усҟан Анцәа иразра рмоур ауан. Аха иахьатәи аамҭазы инхо ауаа рзы Абиблиа иаҳәаӡом ичгар ҟалоит, ма иҟалаӡом ҳәа.

Иарбан ҭагылазаашьақәаз ирымаз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа анычгоз?

  •   Анцәа иҿы ацхыраареи анапхгареи ианашьҭаз. Иерусалимҟа амҩа иқәлоз ауаа чгон, Анцәа ицхыраара гәыкала ишашьҭаз аадырԥшырц азы (Ездра 8:21—23). Зны-зынла аизара аиҳабацәа аналырхуаз Павели Варнавеи чгон (Аусқәа 14:23).

  •   Анцәа игәҭакы рхы аназырышьҭуаз. Иисус Христос аӡы иҽанӡааих ашьҭахь 40 мшы дычгон, изыԥшыз амаҵзура, Анцәа игәаԥхара анагӡара иҽазыҟаиҵарц азы (Лука 4:1, 2).

  •   Иҟарҵаз агәнаҳақәа ишрыхьхәуа аадырԥшырц анырҭахыз. Аԥааимбар Иоиль ила Анцәа азиашара аазмырԥшыз израильаа ааԥхьара риҭон: «Шәхынҳәы сара сахь гәыкала, шәычго, шәҵәыуо, шәқьызқьызуа» (Иоиль 2:12—15).

  •   Аҿыхра амш аназгәарҭоз. Анцәа Израиль ажәлар ириҭаз Азакәан инақәыршәаны, есышықәсатәи аныҳәа, Аҿыхра амш иазку ачгара аан ичгалар рыхәҭан a (Алевит 16:29—31). Ачгара уи аамҭазы иаҭахын, избанзар уи израильаа иргәаланаршәон дара шынаӡамыз, насгьы Анцәа иҟынтә анажьра шырҭахыз.

Иарбан ииашам мотивқәоу ачгаразы иҟалар алшо?

  •   Егьырҭ рыршанхара агәаҳәара. Иисус идирҵон ачгара адинхаҵарақәа инарықәыршәаны хаҭалатәи аус шакәу. Уи Анцәеи ичго ауаҩи ирыбжьоу усуп (Матфеи 6:16—18).

  •   Аиашара аарԥшра агәаҳәара. Ачгара ауаҩы егьырҭ раасҭа гәаԥхашәалеи доуҳалеи деиӷьны дҟанаҵаӡом (Лука 18:9—14).

  •   Идырны иҟаҵоу агәнаҳа ахҩара агәаҳәара. Анцәа ичгоз дизыразын, ауаҩы иара данизыӡырҩуаз, насгьы гәык-ԥсык ала игәнаҳақәа данрыхьхәуаз (Исаиа 58:3, 4).

  •   Адинхаҵара аҵас ус баша анагӡара агәаҳәара. Анцәа диҿурԥшыр алшоит аб зхәыҷқәа гәык-ԥсык ала акәымкәа, уалны иара иахь абзиабара анаадырԥшуа згәамԥхо (Исаиа 58:5—7).

Ҭахроума ақьырсианцәа рзы ачгара?

 Мап. Анцәа израильаа ирыдиҵеит Аҿыхра амш аан ичгаларц. Аха иара уи аҭахра ықәигеит Иисус Христос зыгәнаҳақәа ирыхьхәуаз ауаа агәнаҳа аҟынтә наунагӡа ианҿих ашьҭахь (Ауриацәа рахь 9:24—26; 1 Пиотр 3:18). Ақьырсианцәа Моисеи изакәан аҵаҟа иҟаӡам, иара убас уи азакәан иахәҭакыз Аҿыхра амш азгәаҭарагьы уахь иналаҵаны (Римаа рахь 10:4; Кәаласаа рахь 2:13, 14). Убри аҟынтә ақьырсиан ихаҭа иӡбар илшоит дычгало ма дымчгало (Римаа рахь 14:1—4).

 Ақьырсианцәа рзы Анцәа иеихырхәараҿы ачгара хадаӡам. Абиблиаҿы ачгара ахаангьы анасыԥ иадҳәалаӡамызт. Ақьырсианцәа иҵабыргу Анцәа ианиеихырхәоз еснагь агәырӷьара рыман. Уи Иегова ихаҭара аанарԥшуеит, «насыԥ-шара змоу Анцәа» шиакәу (1 Тимофеи иахь 1:11; Екклезиаст 3:12, 13; Галаҭаа рахь 5:22).

Ачгара иазкны Абиблиаҿы иануп ҳәа ирҳәо ииашам ашьақәырӷәӷәарақәа

 Ашьақәырӷәӷәара. Апостол Павел ақьырсиантә ҭаацәарақәа чгаларц рабжьигон (1 Коринфаа рахь 7:5, Асинодалтә еиҭага).

 Афакт. Ажәытәӡатәи абиблиатә напылаҩырақәа инарықәыршәаны 1 Коринфаа рахь 7:5 аҿы ачгара иазкны акгьы аҳәаӡом b. Излаҳбо ала, Абиблиа ахҩылааҩцәа ачгара аӡбахә ари ажәеинраалаҿы адагьы, иара убас Матфеи 17:21; Марк 9:29; Аусқәа 10:30 рҿгьы ианырҵеит. Аха иахьатәи Абиблиа аиҭагақәа реиҳарак рҟны арҭ ажәеинраалақәа рҿы ачгара атәы акгьы аҳәаӡом.

 Ашьақәырӷәӷәара. Ақьырсианцәа чгалароуп, избанзар Иисус аӡы иҽанӡааих ашьҭахь 40 мшы ацәҳәыраҿы дычгон.

 Афакт. Иисус ахаан ачгара аӡәгьы идимҵацызт. Иара убас, Абиблиаҿы џьаргьы иаҳәаӡом раԥхьатәи ақьырсианцәа чгон ҳәа c.

 Ашьақәырӷәӷәара. Ақьырсианцәа чгалароуп Христос иԥсра амш ргәаладыршәаларц азы.

 Афакт. Иисус иҵаҩцәа иреимҳәаӡеит иара иԥсра амш ргәаладыршәаларц азы ичгалар рыхәҭоуп ҳәа (Лука 22:14—18). Иисус иҵаҩцәа ианреиҳәоз санԥслак ашьҭахь шәычгалоит ҳәа, уи зыӡбахә имаз иҟалараны иҟаз ауп, аха убас ҟашәҵала ҳәа анапхгара римҭаӡеит (Матфеи 9:15). Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз азгәазҭоз ақьырсианцәа, аныҳәа алагаанӡа амла иакуаз аҩны заа акрырфаларц Абиблиа абжьгара рнаҭон (1 Коринфаа рахь 11:33, 34).

a Анцәа израильаа ирыдиҵеит: «Шәхы анраалара шәаҿыз» (Алевит 16:29, 31). Иԥхьаӡоуп, арҭ ажәақәа ачгара иазкуп ҳәа (Исаиа 58:3). «Иахьатәи аиҭага» Алевит 16:31 аҿы абас аҳәоит: «Ари амш аҽны акрышәфар ҟалаӡом».

b Шәахәаԥш: Мецгер Б. М., Эрман Б. Д. Текстология Нового Завета. Рукописная традиция, возникновение искажений и реконструкция оригинала. 2-е изд., переработанное и дополненное. М., 2013. С. 290, 291.

c Абар «Православная энциклопедия» аҟны 40-мштәи ачгара Ду аҭоурых иазкны иаҳәо: «Ачгара ...[Ду] шаҟаамҭа ицоз еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы еиԥшӡамызт, аха ахԥатәи ашәышықәсазы уи мышкы инаркны 40 сааҭ рҟынӡа ма мчыбжьык еиҳамкәа ицон. [...] Раԥхьатәи Мшаԥныҳәа иазку 40-мштәи ачгара аҭҵааҩцәа реиҳараҩык ргәаанагарала, ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоуп 2-тәи (мшаԥтәи) аныҳәа иазку [иԥшьоу] Афанасии Ду иаацҳара (330 [ашықәс])...» (Православная энциклопедия. М., 2004. Т. 7. С. 454).